Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсныҟа усуратә визитла иааз Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи реиԥылара.
Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит акыршықәса раахыс Аԥсны иарҭо адгылареи ацхыраареи рзы. «Иахьа Урыстәылатәи Афедерациа аамҭа хьанҭа иҭагылоуп, ҳаргьы хьаас иҳамоуп ари, Урыстәыла ажәлар ганрацәала ацхыраара рыҭара ҳазхиоуп, иҳалшо ала. Шәара ижәдыруеит ДЖӘР-еи ЛЖӘР-еи шазхаҳҵаз, арҭ ареспубликақәа рыҟнытә ахҵәацәа ҳадаҳкылеит, аԥхьаҟагьы абри ахырхарҭала аусура ҳазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра рхаҭарнак агәра ииргеит «Иаҭахны ианыҟала, Аԥсны даҽакалагьы ацхыраара аҟаҵарагьы» ишазхиоу. «Убри аҟнытә даҽазныкгьы бзиала шәаабеит, абас еиԥш аамҭа уадаҩ аан шәбара гәахәароуп ҳара ҳзы»,- ҳәа иҳәеит иара.
«Аслан Гьаргь-иԥа, Шәареи сареи ҳаиԥылара аамҭак хҵәаха ҳасаб азуны, шәара шәыхьӡала, ареспублика анапхгара, ареспублика зегьы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациа анаҩс ДЖӘР-еи ЛЖӘР-еи ахьазхашәҵаз азы. Ари акрызҵазкуа шьаҿоуп» - иҳәеит Дмитри Вольвач.
Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ иара убас иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлартә Республикеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иамоу аҵак ду.
«Ари акырӡа зҵазкуа етапуп ԥасатәи Украина мрагыларатәи ареспубликақәа жәларбжьаратәи рсубиектратә зин ашьақәырӷәӷәаразы", - ҳәа иҳәеит Дмитри Вольвач. Иара убас уи атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит ахҵәацәа рзы иҟарҵо ацхыраареи адгылареи рзы.
«Дара зегь рыла еиқәыршәоуп, рынхаразы аҭагылазаашьа бзиа рзаԥҵоуп, шәарҭара ахьыҟам инырхоуп, иаҭаху ацхыраара рыҭоуп. Сара издыруеит Шәара ареспубликақәа рахь агәыҳалалратә цхыраара шышәышьҭуа, уи акырӡа аҵанакуеит, акыр иаԥсоуп. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿгьы сара ҳҳәынҭқаррақәа реимадара аҵакы еиҳагьы иӷәӷәахоит ҳәа исыԥхьаӡоит, аԥхьаҟа асоциалтә-економикатә усеицзура иацаҳҵароуп, уи аҵак ду амоуп", - ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.