Уи ҩаԥхьа иазгәеиҭеит Аԥсны астратегиатә ҩызаны иҟоу Урыстәыла уажәы имариам аамҭақәа ишырхысуа. «Ари аекономика ианымԥшыр залшом, аинфлиациагьы ахы цәырнагахьеит. Шәара ишәымбар залшом ахәқәа шышьҭыҵыз. Арахь макьаназы имариам аҭагылазаашьа ҳамоуп акоронавирустә ҿкы чымазара инамаданы. Арҭ азҵаарақәа зегьы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы иахәаԥшуазароуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Тамшь ақыҭа аокруг №31 иаҵанакуеит. Араҟа иқәгылоуп Жәлар Реизара-Апарламент афбатәи ааԥхьара (2017-2022 шш.) адепутат Гарри Кокаиа, иара убас Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» ԥыхьатәи анапхгаҩы (2005-2014 шш.) Резо Занҭариа.