Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

ХӘАЖӘКЫРАМЗА 11 РЗЫ АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА ЗЛАҼЫЗ РХЫԤХЬАӠАРА 78-ҨЫК РҞЫНӠА ИНАӠЕИТ.

Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 10:01 187

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 216 –ҩык, урҭ рахьынтә COVID-19 азы адиагноз 78-ҩык рҿы  ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада  аҿы ишьҭоуп  19 – ҩык апациентцәа, 5 -ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 14 -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 27-ҩык апациентцәа, 12-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 4-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 11- ҩык, 3 - ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 4 - ҩык апациентцәа. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы рыԥсҭазаара иалҵит  74-шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси,  88 – шықәса зхыҵуаз ахаҵеи. 

Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы  52 764 - ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 47 702 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 664  - ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.  

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

 

Last modified on Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 17:01