Алхыҩцәа рхыԥхьаӡара зегьы реиҳа иахьырацәоу алхратә ҭыԥхаданы иԥхьаӡоуп аокруг №13 (Гагра ақалақьтәи) – араҟа 7 нызықьҩык рҟынӡа алхыҩцәа асиа иҭагалоуп; зегьы реиҳа иахьмаҷу - аокруг №35 (Галтәи), араҟа асиа иҭагалоуп 1300-ҩык алхыҩцәа.
Алхратә Комиссиа Хада «Амшынеиқәафымцамч» ахь аҳәара ҟанаҵеит алхрақәа анымҩаԥысуа аҽны алашара дмырцәарц азы.
Апарламенттә алхрақәа 35 мандатктәи аокругқәа рҿы амажоритартә система ала имҩаԥысуеит. Алхрақәа рымҩаԥысшьа агәаҭаразы арахь иааны иҟоуп жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа.
Апарламент аҿы иҟоу 35 ҭыԥ раанкылара рҽазыршәоит 123-ҩык адепутатрахь акандидатцәа.