Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 250 -ҩык. COVID-19 азы адиагноз 83 - ҩык рҿы ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп 16 – ҩык апациентцәа, 6-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 10 -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 25-ҩык апациентцәа, 12-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 8-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 9 - ҩык, аӡәы игәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 3 - ҩык апациентцәа.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы рыԥсҭазаара иалҵит 65; 74 шықәса зхыҵуаз ҩыџьа аҳәса.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 52 894 - ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 48 009 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 668 - ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.