Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

37 – ҨЫК АХҴӘАЦӘА АҞӘАНТӘИ РЫԤСАДГЬЫЛ АХЬ ИХЫНҲӘИТ.

Ахәаша, 18 Хәажәкыр 2022 15:48 1174

Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Атуристтә сасааирҭа «Аиҭар» инхоз 37-ҩык ахҵәацәа рыԥсадгьыл ахь амҩа иқәлеит.  Урҭ рахьынтә 34 – ҩык Лугансктәи Жәлартә Республика ахь ихынҳәуеит, хҩык – Донецктәи Жәлартә Республика ахь.  Адәыӷба «Аҟәа-Москва» ала арҭ аҩ-республикак ртәылауаа ақалақь Каменск-Шахтинск аҟынӡа инеиуеит, анаҩс Ростовтәи аоблсть ақалақь аҟынӡа инагахоит.

Уаантәи ҷыдала уи азы еиқәыршәахо автобусқәа рыла рынхарҭақәа рахь инагахоит. Иахьатәи амш азы Аԥсны иаанханы иҟоуп Аԥсны Иҷыдоу Аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ала Донбасынтәи арахь иаагаз 90-ҩык. Ахҵәацәа актәи ргәыԥ Аԥсныҟа иааит жәабранмза   24 рзы.  

 

Last modified on Ахәаша, 18 Хәажәкыр 2022 18:02