Аҟәа. Мшапы 14. 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Акультура аминистр Даур Ақаҩба акультура аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит Акультура жәларбжьаратәи амш
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
«Иахьатәи амш схы иархәаны, иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп хаҭала аҟазара знапы алаку зегьы, ҳатрадициа беиақәа рыхьчареи реизырҳареи рзы зымч-зылша иамеигӡо. Шәара шәҟазара ауаа ирызцәырнагоит еиуеиԥшым аемоциа ҳаракқәа, аҿар ирыланааӡоит асахьаркыратә гьама бзиа, ирынаҭоит алшара рҟазаратә потенциал аартреи аԥсҭазаара аларҵәареи рзы.
Иара убас, иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп акультура аусбарҭақәеи, акультуратә ҵараиурҭақәеи рырҿиара, рҭышәынтәалара иацхраауа, азҿлымҳара зуҭаша апроект ҿыцқәа аԥсҭазаара иалазырҵәо, ҳауаажәлар рҟынӡа инаӡартә иҟазҵо. Агәра згоит ҳаԥхьаҟа аартра ҿыцқәа маҷымкәа ишаҳзыԥшу.
Ишәзеиӷьасшьоит ҩаԥхьагьы ақәҿиара ҿыцқәа, агәеизҳара, аманшәалара!»