Поиск по слову

Календарь

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31      

АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АПОЛИТИКАТӘ ПАРТИАҚӘЕИ АУААЖӘЛАРРАТӘ ЕИҾКААРАҚӘЕИ РҞЫНТӘИ Ҩ-ҬЫԤҬАЦӘ РХАРҬӘААРА АЗЫ АРЗАҲАЛҚӘА РЫДКЫЛАРА ИШАЛАГО АЗЫ АЛАҲӘАРА ҞАНАҴЕИТ.

Аҩаша, 26 Мшаҧы 2022 11:37 174

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә Палата аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә Еиҿкаарақәеи рҟынтәи аконкурстә лыԥшаара аҳасабала аҭыԥҭацәқәа ҩба рхарҭәааразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагоит.

Аусшәҟәқәа рыдкылара мҩаԥыслоит лаҵарамза 16, 2022 шықәсанӡа.

Аимадаразы аҭел: (+7 840) 226 02 38.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә Палата азы» азакәан ахәҭаҷ 7 инақәыршәаны, Ауаажәларратә Палата алахәылас дҟалар ауеит ҩажәи акы шықәса зхыҵхьоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ.

 

Ауаажәларратә Палата алахәылацәас иҟалар залшаӡом: Аҳәынҭқарра Ахада, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, аӡбаҩцәа, егьырҭ, аҳәынҭқарратә маҵураҭыԥқәа аанызкыло, аҭыԥантәи ахаланаԥхгара аусбарҭақәа рҿы аус зуа ахаҿқәа.

 

Last modified on Ахәаша, 29 Мшаҧы 2022 08:48