Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АХЫРХАРҬА ИАҚӘШӘО АХЫЛАԤШЫРҬАҚӘА АКУРОРТТӘ ААМҬАХӘҬА АЗЫ ԤСОУ АӠИАС АЛА ИЦО АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА АХЫСРА АРМАРИАРАЗЫ АЖӘАЛАГАЛАҚӘА АУС РЫДЫРУЛОИТ.

Аԥшьаша, 12 Лаҵара 2022 14:28 187

Аҟәа. Лаҵарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресc.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариаразы иазырхоу ажәалагалақәа реиқәыршәаразы иаԥҵоу аусуратә гәыԥ аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаразы Амаҵзура анапхгаҩы, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр,  аиустициа аминистр алархәны имҩаԥысыз аусуратә гәыԥ аусуратә еилатәара аҿы аиҿкааратә зҵаарақәа жәпакы ирыхәаԥшит.

Ахырхарҭа иақәшәо ахылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәа акурорттә аамҭахәҭа азы Ԥсоу аӡиас ала ицо аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариаразы ажәалагалақәа реиқәыршәареи анаҩс урҭ анапхгарабжьаратә формат аҿы аус адулареи рзы азԥхьанҵа ҟаҵан.

 

 

Last modified on Амҽыша, 22 Лаҵара 2022 16:37