Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

ИАХЬА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АҞНЫ ИАԤҴОУ АУААЖӘЛАРРАТӘ ХЕИЛАК АИЛАТӘАРА ААТИТ.

Ашәахьа, 16 Лаҵара 2022 16:05 361

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ААР аҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара аатит Аҟәа ақалақь аҿы. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара аатит ААР амедиацентр аҿы лаҵара 16 азы аминистр Инал Арӡынба инапхгарала.

Аԥсны АА аминистр Инал Арӡынба иазгәеиҭеит аилатәара лаҵара 17 азы иазгәарҭо адәныҟаполитикатә усбарҭа аԥҵара Амш ишазку.

«Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵан 1993 шықәса лаҵара 17 азы, еиҳа иуадаҩыз амшқәа раан. Ҳара Ауаажәларратә хеилак аԥаҳҵеит Аԥсны адәныҟаполитикатә курс ареспублика ажәларқәа ракзаара иахыҵхырҭаны иҟазар, абри аконтекст инақәыршәаны адәныҟатә политика астратегиеи атактикеи рымҩаԥгараҿ ауаажәларратә консультациақәа аҵак ҷыда шрымоу еилкаауа. Агәра ганы сыҟоуп ари хра шамоу» ҳәа иҳәеит Арӡынба.

Аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан Аахыҵ Кавказ арегион аҿы ашәарҭадара астратегиа азҵаарақәа, аԥсны-урыстәыла ҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рактуалтә аспектқәа, Аԥсны аинтеграциатә процессқәа рылахәхара, Аԥсни Ареспублика Беларуси реизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара.

Иара убасгьы ирзааҭгылан Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы ООН амаҵзурақәеи еиҳабыратәым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи русура, Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат, Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵара ԥхьаҟатәи аԥеиԥшқәа.

 

Аилацәажәараҿы иазгәаҭан Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аинформациатә плошьчадкақәа рҿи адунеи аҿи аӡыргара аҵакы.

Ауаажәларратә хеилак аилатәара алахәылацәа ргәаанагарақәа еимырдеит амшхәаԥштә азҵааразы, аминистрра ахадеи аколлективи ирыдырныҳәалеит рымшныҳәа.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилазаара иалахәуп: адәныҟатә политика аекспертцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа, ажурналистцәа. Убас :

Арӡынба Инал Бату-иԥа – Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр (Ауаажәларратә хеилак ахантәаҩы);

Ҭыжәба Иракли Вахтанг-иԥа – Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ;

Бигәаа Одиссеи Михаил-иԥа - Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ;

Агрба Ирина Шота-иԥҳа – Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усбарҭа «Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра» адиректор хада;

Адлеиба Заур Қыбеи-иԥа - АП «Амцахара» Апрезидиум амаӡаныҟәгаҩ;

Акаба Нателла Нури-иԥҳа – Аԥсны ахада иҿы иаарту Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аиҳабы;

Барцыц Алхас Валико-иԥа – Аԥсны Жәлар Реизара адепутат;

Барцыц Анри Лев-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарра аиустициа аминистр;

Бганба Руслан Геннади-иԥа – Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны аиҳабы;

Ӷәынџьиа Максим Харитон-иԥа – жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ицхырааҩ;

Гәылариа Алиса Заур-иԥҳа – Аԥсны Жәлар Реизара адепутат;

Гәлиа Ҭемур Лесик-иԥа – Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» анапхгаҩы;

Гәыргәлиа Манана Михаил-иԥҳа – Аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура «Аԥсныпресс», РҲәУ «Апснымедиа» рдиректор хада;

Гәыргәлиа Есма Апполон-иԥҳа – ААУ аҭоурыхи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ркафедра аиҳабы;

Џьынџьал Сократ Рач-иԥа – ЧАԥсны Ауаажәларратә палата алахәыла;

Киут Роберт Витали-иԥа – Аԥсны АШәМ ахантәаҩы;

Надараиа Ҭемур Хәыхәыт-иԥа - Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» алахәыла;

Ҭаниа Леила Ибрагим-иԥҳа - Амшынеиқәа-кавказтә ҿиара амаҵзура адиректор;

Ҳашыг Руслан Мкан-иԥа – Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы, ателерадиоеилахәыра «Абаза-ТВ» адиректор;

Цыгәба Алексеи Мсураҭ-иԥа – Аполитикатә партиа «Амцахара» ахантәаҩы;

Шамба Сергеи Мирон-иԥа – Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ;

Цкәуа В.В. – амаӡаныҟәгаҩ.                                                                

 

Last modified on Амҽыша, 22 Лаҵара 2022 17:56