Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада УА Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа злахәыз аиҿцәажәарақәа мҩаԥигеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә Дума атәылахьчаразы аилак ахантәаҩы Андреи Картаполови адуматә Еилакы алахәҩы Олег Колесникови злахәыз аиҿцәажәарақәа мҩаԥигеит.
Андреи Картаполови Олег Колесникови Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи реимадаразы адепутаттә гәыԥ ахаҭарнакра азыруеит.
Ирылацәажәеит ҩ-ганктәи аусеицура азҵаатәқәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аԥсны- урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариа азҵаарагьы. Аҳәынҭқарра Ахадеи урыстәылатәи апарламентариеи азҿлымҳара арҭеит аԥхьаҟатәи ҩ-ганктәи астратегиатә усеицура арҭбаара.
Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа.