Аҳәынҭқарра Ахада дазааҭгылеит ааигәа Аԥсны иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара. "Сынтәа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа мҽхакы ҭбаала аԥсабаратә рыцҳара ҟалеит. Ҳарҭ уи иаҳзаанагаз аԥхасҭа аихшьаала уажәшьҭа ахыркәшарахь инаҳгоит. Азгәаҭақәа иҟоу рыла иартәо ахарџь Аԥсназы имаҷым. Урыстәылатәи аган иалшо ацхырааразы иҭабуп ахаҳҳәаауан", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аиԥылараҟны ирзааҭгылан зыӡбара аҭаху апроблемақәа жәпакы, амҩатә инфраструктура, афымцамчы, аӡымҩангагақәа, аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылареи ахархәара ахь рыҭареи, амшынтә еимадара, икьакьоу абзазаратә црыҵқәа аус рыдулара, ақьырсиантә культуратә баҟақәа реиҭашьақәыргылара, ашәахтә хырхарҭа иадҳәалоу азҵаарақәа, аҳәынҭқарратә ҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьа уҳәа, убас егьырҭгьы.
Иззаҭгылаз рнаҩс егьырҭ азҵаарақәагьы рыӡбараҟны Аԥсны ацхыраара ду анаҭоит Урыстәыла. Ахада агәыӷра ааирԥшит Урыстәылатәи Афедерациа ҳтәыла аԥхьаҟагьы адгылара шанаҭо азы.
Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач аԥсуа ган иҟанаҵаз асасдкыларазы иҭабуп ахҳәааны, иазгәеиҭеит урыстәылатәи аган азҿлымҳара шанаҭо иагьшазхиоу аҧсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа есааира рырҭбаареи рырӷәӷәареи.
"Аҟәаҟа амҩа ҳахьықәыз џьара-џьара ҳаангыланы ахыбрақәа ҳрыхәаԥшит. Урҭ рахьтә иҟоуп агәахәара узҭо, имҩаԥгаз аусурақәа ирыбзоураны акультуратә ҭынхақәеи афымцамч робиектқәеи рӷәӷәоуп. Еилкаауп, аԥхьаҟа аус зыдулатәу шыҟоу, урҭ ахыбрақәа раԥхьа иргыланы аԥхьаҟатәи апрограмма иалаҵатәхоит, мамзаргьы зынагӡара иаҿу апрограмма иазоужьу афинансқәа ирыцҵахоит. Иазгәаҭатәуп, ҳтәылақәа рекономикақәа шеизааигәахо, ашықәсбжазы ҳтәылақәа ирыбжьаз атауареикәшара урыстәылатәи аҳазалхра азгәаҭала иартәеит 143 млн.доллар, ари ҵыԥхтәи ашықәс аасҭа43% ала еиҳауп. Ас еиԥш иҟоу аимадарақәеи аизыҟазаашьақәеи аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аԥхьаҟагьы ирыццатәуп, ирҭбаатәуп", - ҳәа иҳәеит Дмитри Вольвач.
Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Валерии Папба.
--