Уи ианылеит административ-ҵакыратә еихшара аҭоурых иазку аусшәҟәқәа, аӡбараеиҿкаара, Аҧсны афинанстәии ахәаахәҭратәи аусхкқәа ирызку аусшәҟәқәа, иара убас амҩатә еимадара аҿиара аҭоурых, ақыҭанхамҩа, ажәлар рҵарадырра, агәабзиарахьчара, адинхаҵара, акурорттә усхкы, уҳәа ирызку аусшәҟәқәа реизак.
Ари аусумҭа аҭыжьразы иаздырхиеит М.Г.Бжьаниа, А.А.Книазева, М.Р.Аргәын.
Жәларбжьаратәи аҿартә ҭоурыхтә форум «Аҭоурыхи архивқәеи: аҳәынҭқаррабжьаратәи аҩаӡара» Акоординациатә Хеилак ахьӡала Аҧсны Аҳәынҭқарра Иусбарҭа, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа, Аҧсны акультура Аминистрра, Аҧсуаҭҵааратә Институт, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә архив, уҳәа рҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәқәа нашьҭын.